АҞӘА, цәыббра 30 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ргәырӷьаратә еиԥылара мҩаԥысит Аԥсны ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа.
Анатоли Бибилови Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа зегьи аҳаҭыртә ҟарул рԥылеит. Уи ашьҭахь Бжьаниеи Бибилови ахада икабинеҭ ахь инеит.
Аслан Бжьаниа Анатоли Бибилов иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсныҟа "Аԥсны жәлари Нхыҵ Кавкази рзы акрызҵазкуа ари амш азы" дахьааз.
"Аиааира амш - ари ныҳәа дууп аԥсуа жәлар рзы, ацәыӡ дуқәа шацызгьы. Шәареи шәыуаажәлари ишәыдысныҳәалоит ари амш, шәаԥхьаҟагьы ишәзеиӷьасшьоит шәҳәынҭқарра аҿиарамҩаҿы аиааирақәа жәгаларц", - иҳәеит Бибилов.
Аганқәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит. Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла ахада ҳамҭас ииҭеит дамасктәи аџыр иалху, акамбашь атәыҩа иалху ахәы змоу, хьтәы рахәыцла иҩычоу аԥсуа ҳәызба. Бибилов Аԥсны ахада иҭеит Аԥшьа Гьаргь иныхачаԥа.