Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игоу Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра, аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын араион ахадареи ауаажәларреи.
Sputnik
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игоу Аиааира сынтәа 28 шықәса ахыҵит. Ари арыцхә даара акраҵанакуеит ҳауаажәлар рзы. Рыцҳарас иҟалаз, аибашьра ирзыннажьыз ахәрақәеи аԥсҭазаараҿы изыниаз амашәырқәеи ачымазарақәеи ирхырҟьаны есышықәса ари аныҳәамш иаԥыло аветеранцәа рхыԥхьаӡара маҷхо иалагеит.
Иахьа, Аиааира амш аҽны, шықәсык аԥхьа зыдунеи зыԥсахыз аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Џьумбер Бениа дахьынхоз аҩнеихагыла аҭӡаҟны иаартын агәалашәаратә ӷәы.
Леон иорден занашьоу Џьумбер Бениа дахьынхоз аҩнеихагыла аҭӡаҟны иаартын агәалашәаратә ӷәы
"Џьумбер шьҭахьҟа ахьаҵшьа ззымдыруаз, згәы меиҭасуаз еибашьҩын. Иара иашьа Димагьы иҩызцәа дрывагыланы иԥсадгьыл ихьчон. Аха аишьцәа убас лахьынҵас ироуит аибашьра ашьҭахь, ақәра дуқәа нырҵаанӡа рыдунеи рыԥсахит, Дима машәырла дҭахеит, Џьумбер аибашьра изыннажьыз ахәра иахырҟьаны ҵыԥх даҳцәыӡит. Дара реиԥш аҷкәынцәа роуп иахьатәи амш зырааигәаз. Хашҭра рықәымзааит", - иҳәеит агәалашәаратә ӷәы аартра иалахәыз, Џьумбер иҩыза, аибашьра аветеран Анзор Чычба.
Џьумбер Бениа ифото
Ари аҩнеихагыла аҭӡаҟны уажәшьҭа агәалашәаратә ӷәқәа ҩба кыдуп. Ҩышықәса раԥхьа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа Лиалиа Ԥаразиаԥҳа лгәалашәара иазкны иаартын.
Иахьа, Гагра ақалақь Ахьӡ-аԥша абаҟа аҿаԥхьа апандемиа шыҟоугьы даҽа ҽнак еиԥшымкәа хатәгәаԥхарала ажәлар еизеит. Ашәҭ шьҭаҵара аофициалтә церемониа иалахәын аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, Гагра араион Ахадара, анаплакқәеи аусбарҭақәеи реиҳабацәеи рхаҭарнакцәеи гәыԥҩык. Ирацәаҩын згәы иаҭахны ашәҭқәа шьҭазҵаз ақалақьуааи асасцәеи.
1 / 5
Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра
2 / 5
Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра
3 / 5
Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра
4 / 5
Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра
5 / 5
Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра
Анаҩс имҩаԥган амитинг. Араҟа адныҳәалара ҟаҵо Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц еизаз ирзеиӷьеишьеит уаҳа еибашьра ҟамло, аԥсуа жәлар ргәы ишаҭаху иахьаԥшәымацәоу рыԥсадгьыл аҿы наӡаӡа иҿиаларц.
Анаҩс Гагра араион Ахадара ашәҭқәа шьҭарҵеит Жәаҩакәаратәи аиҩхааҟны ишьақәыргылоу, Гагра араион аӷа инапаҵаҟа ианыҟаз ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иҭҟәаны иргаз, ашьҭахь гыгшәыграла иршьыз аибашьцәа рбаҟа амҵан.
Жәаҩакәаратәи аиҩхааҟны ишьақәыргылоу, Гагра араион аӷа инапаҵаҟа ианыҟаз ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иҭҟәаны иргаз, ашьҭахь гыгшәыграла иршьыз аибашьцәа рбаҟа
"Аиааира амш ҳәа ажәаны иануҳәо имарианы уҿаҟны иааиуеит, аха уи иахҭну ахә уазхәыцуа уалагар, зшьа ахьыршу аҵеицәа рылымкаа адәы ақәлара ухы ахубаауеит. Ииашоуп, 28 шықәса ҵит ахҭыс еиқәаҵәақәа раахыс, аха аибашьра адәаӡа иқәгылаз ахацәа ахаан ирхашҭуам ирывыршьааз рҩызцәа", - иҳәеит аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Геннади Ӡкәуа.
Жәаҩакәаратәи аиҩхааҟны ишьақәыргылоу, Гагра араион аӷа инапаҵаҟа ианыҟаз ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иҭҟәаны иргаз, ашьҭахь гыгшәыграла иршьыз аибашьцәа рбаҟа амҵан.
Гагра араион аҟны, Аиааира амш инамаданы ашәҭшьҭаҵарақәа мҩаԥысит Пицунда, Бзыԥҭа, Цандрыԥшь.
Ахәылбыҽхан, Гагра ақалақь Ахьӡ-аԥша абаҟа ахԥатәи ахәҭаҟны "Агәалашәаратә цәашьы" захьӡу акциа мҩаԥысуеит.