АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иуаажәлар Аиааиреи ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит.
Иара иазгәеиҭеит, аамҭа цацыԥхьаӡа еиҳагьы ишаҳныруа зыԥсҭазаара ари амш иахҭнызҵаз рлахьынҵа, ҳазхәыцуеит ухаҿы иузаамго урҭ рыгәаӷьра, рхамеигӡара.
"Жәлар рԥыза Владислав Арӡынба инапхгарала еиқәдырхеит ҳ-Аԥсынра. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит аԥсуа жәлар ыҟазааразы аԥсра иазцоз ҳветеранцәа, урҭ ирыдгылаз, хатәгәаԥхарала иаҳзааз, иара убас егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәа. Хашҭра ақәӡам урҭ рфырхаҵара, ргәымшәара, реидгылара!
Иахьа, Аԥсны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҿиарамҩа иқәлартә аҭагылазаашьа амоуп. Убри зегьы зыбзоуроу, ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар, шәара шәоуп.
Ҳара иҳамоуп ҳзықәгәыӷша аҿар! Ҳҳәынҭқарра иаҵеицәа хьӡырҳәагақәаны иҟалааит! Ирацәахааит шәгәы шьҭызхша, уаҵәтәи амш агәрагара шәызҭаша ахҭысқәа, шәыҩнаҭақәа агәырӷьа-ччара агымзааит", - ҳәа аҳәоит ахада идныҳәалараҿы.
Иара иазгәеиҭеит, аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы 1993 шықәса, цәыббра 30 – реиҳа ихадараӡоу арыцхәқәа иреиуоуп ҳәа.
1993 шықәса цәыббра 30 рзы ихыркәшахеит 1992 шықәса нанҳәа 14 рзы излагаз, 413 ҵхи мши ицоз Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра. Уи аҽны аԥсуа еибашьцәа ҳбираҟ шьҭырхит Егры аӡиас ала Аԥсны аҳәааҿы.