АҞӘА, цәыббра 30 - Sputnik. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа инеиҵыху реиԥылара мҩаԥысит Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы.
Аиԥылара аартуа, Аслан Бжьаниа даҽазныкгьы Анатоли Бибилов иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсныҟа дахьааз, ҳауаажәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш ахьрыдиныҳәалаз.
"Ҳара ашәышықәсақәа иргәылганы иаагоит ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа, аҭоурых ду ҳаиднакылоит, изызҳауа аҿар урҭ рымадаразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит", - иҳәеит иара.
Анатоли Бибилов Аԥсны иқәынхо ауаажәлар зегьы агәабзиареи аизҳазыӷьареи рзеиӷьеишьеит.
"Аԥсуа жәлар зегьы иднарбеит аибашьраҿы аиааира агара шрылшо, аҭынч ԥсҭазаараҿгьы, аҳәынҭқарра аргылараҿгьы аиааира агара шалшо днарбалоит", - иҳәеит иара.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иазгәеиҭеит аҩреспубликак адәныҟатәи аусқәа рзы рминистррақәа ибзианы аус шеицыруа, агәыӷрагьы ааирԥшит акультура аганахьалагьы аусеицура шдырҭбаало.
Бибилов инацҵаны иазгәеиҭеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ртеатрқәа еиҭанеиааир шыбзиаз.
Анаҩс аиԥылара иацҵан ажурналистцәа аламырхәӡакәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: