Аԥсны жьҭаарамзазы еиҳа зыхә лаҟәу аԥсшьарҭа ҭыԥқәа иреиуоуп

Асиа шьақәыргылоуп атуристтә аналитикатә маҵзура "1001 тур" адыррақәа рыла.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik. Аԥсны жьҭаарамзазы еиҳа зыхә лаҟәу аԥсшьарҭа ҭыԥқәа иреиуоуп,  абри атәы аҩуеит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа.
Аԥсны аԥсшьаразы урыстәылаа зегь раасҭа иалырхуа хырхарҭахеит
Амаҵзура адыррақәа рыла, Аԥсны жьҭаара 10 инаркны 16 нӡа ҩыџьа рыԥсшьара иартәоит 22 166 нызқьмааҭ. Цәыббра анҵәамҭазы аԥсшьара ахәқәа арҭ арбагақәа ирзааигәан.
Еиҳа зыхә лаҟәу аԥсшьарҭа ҭыԥқәа рсиаҟны аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит Анапа, Шәача, Ҟрым. Иарбоу арыцхәқәа рзы ахыԥраареи акрыфареи налаҵаны атур 23-27 нызқьмааҭ иаԥсоуп, арҭ арбагақәа 5-8% рыла еиҵоуп цәыббрамзазтәи арбагақәа раасҭа.
Ахԥатәи аҭыԥ аҟны игылоуп Калининградтәи аобласт. Зегь реиҳа зыхә лаҟәу атур ари ахырхарҭахь аахәара алшоит 39 нызқьмааҭ ҳәа.