Аҟәа х-уадак змаз ауаҭах блит

Амцакра ҟалеит ҳәа Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рахь адырра ҟарҵеит жьҭаара 1, асааҭ 00:44 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Аҟәа, Красномаиакскаиа амҩаду аҿы х-уадак змаз ауаҭах амца акит, абри атәы аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.
Амцакра ҟалеит ҳәа Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рахь адырра ҟарҵеит жьҭаара 1, асааҭ 00:44 рзы. 
Амца дырцәон амцарцәара-аиқәырхаратә гәыԥқәа ҩба.
Амцакра иахҟьаны ауаҭах уадак блит. Аӡәгьы ааха имоуӡеит.