Аӡҩыбжьаа Ахада иахь ааԥхьара ҟарҵоит адепутати ААР-и рыбжьара иҟалаз аимак иахҟьаны

Аԥсны ААР адыррақәа рыла, Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Гарри Кокаиа Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы ахысра далагеит, цыббра 30 ауха. Кокаиа иқыҭауаа аизара мҩаԥыргеит жьҭаара 1 азы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Аӡҩыбжьа ақыҭауаа Атәыла ахада иахь, Жәлар Реиазарахь ааԥхьара аҟаҵара рыгәҭакуп цәыббра 30 рзы адепутати ААР-и рыбжьара иҟалаз аимак иахҟьаны, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭа ахада Дмитри Абыхәба.
Аԥсны ААР: Жәлар Реизара адепутат Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы ахысра далагеит
Ақыҭа ахада иажәақәа рыла, жьҭаара 1 азы ақыҭауаа аизара мҩаԥыргеит. Атәыла ахада иахь иҟарҵараны иҟоу ааԥхьара иарбахо макьаназы еилкаам иҳәеит иара.
Аԥсны ААР апресс-маҵзура ишаҩуа ала, Жәлар Реизара адепутат Гарри Кокаиа тапанчала хәынтә ажәҩанахь дхысит, Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы иҟоу ақьафурҭа "Rinna" азааигәара. Аԥсны ААР аусзуҩцәа рганахьала Кокаиа имч ихы иаирхәит, абџьар рыҭара мап ацәикит. Уи ашьҭахь адепутати амилициа аусзуҩцәеи рыбжьара аимак ҟалеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Кокаиа аҭыӡшәа ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтәи иҽиӡеит.