АҞӘА, жьҭаара 2- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 262-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 73-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 41-ы, рҭагылазаашьа бааԥсуп быжьҩык, ибжьаратәуп - 30-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 28-ҩык, урҭ рахьтә жәаҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит жәҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, урҭ рахьтә ҩыџьа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хәҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 69-ҩык апациентцәа, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>