Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит

Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Урыстәылаҟа уажәтәи ицара жәынтәуп. Уи аԥхьа дыҟан ԥхынгәымзазы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит, абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп, Бжьаниеи Урыстәыла ахада иусбрҭа аҟныи Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыреи рыҟны аиԥыларақәа.
Аԥсны ахада уаанӡатәи иусутә ныҟәарыла Москва дыҟан ԥхынгәымзазы.