АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 349-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 100-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациентцәа - 85 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси 71 шықәса зхыҵуаз ахаҵеи.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 38-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 6-ҩык, ибжьаратәуп - 29-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 30-ҩык, урҭ рахьтә 10-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 10-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 17-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - хәҩык ачымазҩцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 74-ҩык, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкчымазара рхы ацәырхьчаларц.