Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр аамҭала и.н. ауаажәлар ршәарҭадара аиҿкаара далацәажәеит

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар имаҵуарҟынтә аамҭала ихы дақәиҭтәуп цәыббра 30 рзы Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс аҭҵаара иахьынӡаҿу.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik. Аамҭала Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа рынагӡара зыдҵоу Руслан Ажьиба азинхьчаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит атәылаҿы ауаажәларратә зини ашәарҭадареи раԥҵара иадҳәалоу аиҿкааратә зҵаарақәа дрылацәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит аминистрра апресс-маҵзура.
Бжьаниа аиҳабыратә хыбрақәа рыхьчара дырӷәӷәарц адҵа ҟаиҵеит
Уаанӡа иахьа Аԥсны ахада азинхьчаратә усбарҭақәа адҵа риҭахьан жьҭаара 4 рзы имҩаԥысраны иҟоу Апарламент аизареи зыӡбахә рҳәаз амитинги раан ауаажәларратә шәарҭадаразы аусмҩаԥгатәқәа еиҿыркааразы.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо административтә зинеилагарақәа рыпрафилактика амҩаԥгара иазырхоу амаҵзуратә дҵақәа ҟаиҵеит, иара убас Аҳәынҭавтоинспекциа аиҟәшақәа русзуҩцәа ирыдҵан ареспублика амҩақәа рҟны азинеиҿкаара аԥҵара.
"ААР аусзуҩцәа рзы ихадоу усуп ауаажәларратә зин аилагареи ҳтәылауаа ршәарҭадара ҵызшәаауа аусқәеи аҭыԥ рымҭара", - ҳәа азгәеиҭеит Руслан Ажьиба.
Амҽыша жьҭаара 3 рзы Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар имаҵуарҟынтә аамҭала ихы дақәиҭтәын цәыббра 30 рзы Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс аҭҵаара иахьынӡаҿу.