Бжьаниа Москваҟа иусутә визит аҟынтәи заанаҵ дхынҳәит Аҟәа иҟалаз ахысра инамаданы

Цәыббра 30 ахәылбыҽха Аҟәа аԥшаҳәаҿы ахысра ҟалеит, уи ахҭыс далахәын адепутат Гарри Кокаиа. ААР адыррала, иара амилициа рганахьала ихжәаны ихы мҩаԥигеит, абџьар рыҭара мап ацәикит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва иусутә визит аанкыланы Аԥсныҟа дхынҳәит Аҟәа аԥшаҳәаҿы цәыббра 30 рзы аветеранцәеи, адепутати, амилициауааи рыбжьара иҟалаз аимак аҵыхәала. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура. 
Бжьаниа Аԥсныҟа дхынҳәит жьҭаара 3 рзы шьыбжьон. Иара уажәы амчратә усбарҭақәеи, ахада Иусбарҭа анапхгареи, аиҳабыра рхаҭарнакцәеи алархәны иарку аилацәажәара мҩаԥигоит. 
Аԥсны ахада Москваҟа дцеит жьҭаара 1 рзы. Ипресс-маҵзураҿы ишазгәарҭахьаз ала, иара Урыстәыла ахада иусбарҭеи Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыреи рыҟны аиԥыларақәа иоур акәын.