АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба иҟаз ахҭыс макьаназы азинтә хәшьара ҳзаҭом ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Апарламент аусутә еилацәажәараҟны.
Агрба иажәақәа рыла азакәанԥҵара инақәыршәаны Апрокуратура хада ахҭыс азинтә хәшьара ҟанаҵарц азы ишьақәыргылоуп аҿҳәарақәа – 5, 15, 60 мшы.
Агрба иара убасгьы иазгәеиҭеит аусҭҵаара шымҩаԥысуа. Иҳәеит хымшуп аус зыршаҳаҭуа аматериалқәа реидкылара иалагеижьҭеи, макьаназы ахҭыс иалахәыз аветеранцәа зегьы рҿахәы рҿыхам ҳәа.
Агрба иҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбаргьы макьаназы ишизымҵаац, уи иахьазы аусбарҭаҿы ишизыԥшу.
Адгәыр Агрба дақәгәыӷуеит 15 мшы рыҩныҵҟала Апрокуратура хада ахҭыс азинтә хәшьара аҭара алшап ҳәа.