Ауаҩшьразы изышьҭаз ахаҿы Аԥсны аҵакырахь данҭалоз дааныркылеит

2021 шықәса иаалагазар, аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраан ашьҭазаара змаз 150-ҩык аанкылоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. 1986 шықәса рзы ииз, Урыстәыла атәылауаҩ, ауаҩы дишьит ҳәа зыԥшаара иаҿыз, аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы даанкылоуп ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа аҳәынҭқарратә ҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы иааныркылаз ахаҵа иԥшаара заԥшьгамҭоу Урыстәыла ААР Алада Новгородтәи аобласт аусбарҭа хадахьы дрырҭеит.
2021 шықәса иаалагазар, аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраан ашьҭазаара змаз 150-ҩык аанкылоуп.