"Амҩа ԥсҭазаара" ала: Гагра араион ахы иақәиҭтәуижьҭеи 29 шықәса ҵит

29 шықәса раԥхьа, жьҭаара 6, 1992 шықәса 6:40 минуҭи рзы Аҳәынҭқарра абираҟ ахадыргылеит Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа Ԥсоу. Гагратәи ажәылара аиҿкаара иабзоураны, Аԥсны аблокада аҵыхәа ԥҵәан.
Sputnik
Аҟәа, жьҭаара 6- Sputnik. Жьҭаара 6 аҽны Гагра араион ахы иақәиҭтәуижьҭеи 29 шықәса ҵит.
Арадио
Афырхацәа рымҩала: Акаԥҳа Гагра ахақәиҭтәра иазкны
Цәыббра 3 рзы Москва Аԥсни, Урыстәылеи, Қырҭтәылеи рыбжьара аиҿахысра аанкыларазы анапы аҵаҩҩын х-ганктәи аиқәшаҳаҭра. Уи ус шакәызгьы, ақырҭҵәа аиқәшаҳаҭра еиларгон.
Мраҭашәаратәи Аԥсны аблокада ишҭакыц иҭакын, уи алҵразы ажәылара аиҿкаара ада ԥсыхәа ыҟамызт. Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҳасаб азуны, усҟантәи Аԥсны арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ, аполковник Владимир Аршбеи, аҳәынҭқаррахыхьчара штаб еиҳабы Султан Сосналиеви, Гагратәи афронт акомандаҟаҵаҩ инапынҵақәа назыгӡоз Сергеи Дбари, гагратәи афронт аԥшыхәаҩцәа ргәыԥ аиҳабы Муҳамед Кьылбеи еиҿыркааит ажәылара зламҩаԥысша амҩақәа..
"Усҟан Аԥсны ҩбаны амацәаз иҭакын, хазы Ҭҟәарчал ақалақь. Аха раԥхьаӡа Гагра ахы иақәиҭтәын, избанзар "Адунеи Ду" ахь амҩа ылхтәын. "Амҩа ԥсҭазаара" ҳәа ахьӡ арҭеит Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа. Избан акәзар, уаантәи афатә ахыганы иааргон, ар фатәыла жәтәыла реиқәыршәаразы, хәшәыла реиԥмырҟьаразы, уи амҩа аҭырцәра акраҵанакуан", - иҳәоит аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба.
Гагратәи ажәылара алагара азгәаҭан цәыббра 30 1992 шықәсазы, аха аруааи атехникеи ишахәҭоу еиԥш разыҟаҵара иахахьымӡаз аҟнытә, иахыргар акәхеит ажәылара иалагеит адырҩаҽны жьҭаара аказы. Акомандирцәа зегьы рҿаԥхьа арратә уснагӡатәқәа ықәыргылан, ахсаала аҟны идеилыркаан ажәылара злацаша ахырхарҭақәа. Ажәылара иалагеит абзарбзанқәа рхысрала. Абаталионқәеи, атриадқәеи, агәыԥқәеи рҽеидкыланы ԥхьаҟа идәықәлеит. Раԥхьатәи аиҿахысра ӷәӷәа ҟалеит ақырҭуа аруаа рҽырӷәӷәаны иахьыҟаз Колхидатәи ақыҭатә библиотека аҿы.
Ростислав Кьетиа: Гагра ахақәиҭтәра аибашьцәа агәыӷра ҳнаҭеит
Жьҭаарамза 2 рзы ақырҭцәа иԥыржәеит ақалақь иахыкәшо амҩаҿ иҟаз ацҳа, аха ус шакәызгьы ҳаибашьцәа ашьыбжьышьҭахь ахы иақәиҭыртәит Колхида ақыҭа. Уи акәхеит, ақырҭцәа рырхәҭақәа ахьаҵра иалагеит. Уи аамҭазы аӷырҭуа енрал Гиа Ҟарҟарашвили иаҵахо иалагаз ақырҭуа архәҭақәа ацхыраара арыҭаразы игәы иҭеикит 120-ҩык аибашьцәа иманы Гаграҟа дцарц, азныказы иалымшеит, аха мышқәак рашьҭахь зегьы акоуп уахь иԥрит.
Жьҭаара 5, асааҭ ааба рзы "Аӡиас хьшәашәа" ҳәа иахьашьҭоу аҟны амшын аҟнытә иӡхыҵит адесант, уи Ибрагим Иаганов ҟабардатәи итриад акәын. Ақырҭуа еибашьцәа иаҵахуазшәа анырба, рабџьари, рџьаԥҳани кажьны, еиҳараҩык Гьечрыԥшьҟа рхы рханы иҩуан.
"Гагратәи ажәылара алҵшәақәа урыхәаԥшуазар, ари Аԥсны ахақәиҭра излалагаз еибашьроуп. Иарбан хҭысзаалакгьы иамоуп иара апериодқәа. Сара сахәаԥшрала Гагра ажәылара ианалага аминуҭ инаркны, актәи апериод аибашьра нҵәеит, иалагеит аҩбатәи апериод ҳәа. Ажәылара аҵакы дууп, уи ҟамлазҭгьы Аԥсны Мраҭашәаратәи аган усҟан ахы иақәиҭымхазҭгьы, аҳәара уадаҩуп аибашьра алҵшәа шыҟалашаз атәы", - ҳәа дазааҭгылоит аҭоурыхҭҵааҩ.
Жьҭаара 6, 1992 шықәса 6:40 минуҭи рзы Аҳәынқарра абираҟ ахадыргылеит Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа Ԥсоу. Гагратәи ажәылара аиҿкаара иабзоураны, Аԥсны аблокада аҵыхәа ԥҵәан. Гагра араион аӷа имацәаз иҭакын 48 мшы. 
Гагратәи афронт аҿы иҭахеит 117-ҩык аибашьцәа, 15-ҩык урҭ рахьынтәи хатәгәаԥхара иааны еибашьуаз ракәын.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: