Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи амина рыԥшааит Аҟәа

Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра аамҭазтәи амина рыԥшааит Аҟәа, Гәымсҭатәи амҩаҟны игылоу ахатәыҩны аҵакыра иахьаҵанакуа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. Аҟәа иԥшаауп 120 миллиметра иҟоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи аминомиоттә мина ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Аусбарҭахь абри азы адырра ҟарҵеит ахаша, асааҭ 13:40 азы. Абри ашьҭахь АҶА апиротехникатә ҟәша аусзуҩцәа аҭыԥ ахь инеины амина аҭыԥ аиҵыхразы иқәыргеит.