Аԥсны ахәҭак лашарада иҟоуп аҳауатә цәаҳәаҿы аремонт усурақәа ахьцо азы

Аҳауатә цәаҳәа "Шешелети-1" аҟны авариатә лашарарцәара ҟалеит, уи ашьҭахь аремонттә усурақәа ирылагеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. Очамчыреи Гәылрыԥшьи араионқәа, иара убас Аҟәа мрагыларатәи ахәҭаҟны жьҭаара 6 азы алашара ҟалаӡом асаа 13:00 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
"Иахьа асааҭ 11:00 -13:00 рзы аҳауатә цәаҳәа "Шешелети-1" аҿы аремонт усурақәа ахьцо азы алашара ырцәахоит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Уаанӡа аҳауатә цәаҳәа "Шешелети-1" аҟны изныкымкәа авариақәа ҟалахьан.