Аԥсны даҽа 65 коронавирустә хҭыс ҿыц ашәҟәы иҭагалоуп

Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 28341-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 23335-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 421-ы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 297-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 65-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 41-ы, рҭагылазаашьа бааԥсуп 14-ҩык, ибжьаратәуп - 11-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит фҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 18-ҩык, урҭ рахьтә хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - жәҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 93-ҩык апациентцәа, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>