Аимадаразы аҳәынҭеилакы амаинерцәа аинтернет раҟәыгара аҿҳәара инахеит

2021 шықәса хәажәкыра 30 аҟынтә Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала Аԥсны акриптовалиута арҳаразы аусура аҿҳәара аанкылоуп 2022 шықәса хәажәкырамзанӡа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. Аимадареи амассатә коммуникациақәеи  ацифратә ҿиареи рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы  Беслан Ҳалуашь адҵа ҟаиҵеит  акриптовалиута арҳаразы аусура иадҳәалоу аԥкрақәа  рыҿҳәара иацҵазарц.
Абри азы адҵа кьыԥхьуп аилак асаит аҿы.
Аслан Бжьаниа Аԥсны акриптовалиута арҳара иаҿагылоу ауснагӡатәқәа дрылацәажәеит
Уаанӡа аԥкрақәа 2020 шықәса  ԥхынҷкәын 28 инаркны 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа аус руан. Ахантәаҩы идҵа инақәыршәаны абонентцәа аинформациа-телекоммуникациатә ҳа аинтернет аҿы  акриптовалиута арҳара алзыршо адоменнтә хьыӡқәа, асаит адаҟьақәа рырбагақәа, аҳатә ҭыӡҭақәа рхархәара рзыԥкуп.
Аимадара аоператорцәа ргәы рҽанҵоуп иахәҭоу  атехникатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара алдыршарц.
Адҵа рыдкылоуп Аԥсны акриптовалиута арҳаразы аусура рыҿҳәара 2022 шықәса хәажәкырамзанӡа аанкылараз  2021 шықәса хәажәкыра 30 азтәи Аминистрцәа реилазаара ақәҵара ашьаҭала.
Акриптовалиута арҳаразы аусурақәа ирҿагыланы ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит 2020 шықәса аахыс афымцатә ҳақәа реидара ахьанҭахареи афымцамч адефицити инарыдҳәаланы.