АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 529-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 162-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 43-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 15-ҩык, ибжьаратәуп - 12-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит быжьҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 18-ҩык, урҭ рахьтә хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - жәҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 94-ҩык апациентцәа, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>