Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа Гал араион аҟны адгьыл ахархәареи ашәахтәқәеи ртәы

Гал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Нарсоу Џьопуа арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит араион аҟны адгьыл ахархәареи ашәахтәқәеи рганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Sputnik
Ааигәа Аԥсны ахада далацәажәеит аҳәынҭқарра амазара ахархәара азҵаара. Зегь иаадыруа усуп – еиуеиԥшым аргыларақәа қьырала игоуп, аха ахархәара рымам, иқьаԥҭаха игылоуп. Адгьыл ахархәараҿгьы ус иахьыҟоугьы маҷымзар акәхап аҳәынҭқарра ахада ари азҵаара дазхьаԥшзар.
Гал араион аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, адгьылқәа ирықәаарыхуама, абиуџьет хашәалас иамоу, адгьыл ашәахтә зшәо, иҟоума азинҷыда изымшәо рзын, ашәахтә шаҟа ыҟоу, абарҭқәа ртәы еиҭеиҳәеит араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Нарсоу Џьопуа.
Иара убасгьы дазааҭгылеит араион аҿы иаадрыхуа, иҷыдоу азона атәы, адгьыл ахархәаразы аԥҟарақәа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны.