Гагра абацәа рхәыҷқәа рыманы рыԥсы ршьарц ахьырҭаху аҭыԥқәа иреиуоуп

Урыстәыла ахада идҵала жьҭаарамза ахԥатәи амҽыша Аб имш азгәарҭалоит. Абри арыцхә азы Tvil.ru абацәа рхәыҷқәа рыманы рыԥсы ршьарц ахьырҭаху аҭыԥқәа алнакааит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Гагра абацәа рхәыҷқәа рыманы рыԥсы ршьарц ахьырҭаху аҭыԥқәа ирыҵанакит ҳәа аанацҳауеит Tvil.ru.
Урыстәыла ахада Владимир Путин адҵа инапы аҵеиҩит Аб имш азгәаҭаразы. Раԥхьаӡа акәны урыстәылаа ари амш азгәарҭараны иҟоуп жьҭаара 17 рзы.
Tvil.ru астатистикала абацәа заанаҵтәи аҿаҵарақәа ҟарҵоит 1-7 уахы, иагьнырхуеит уахыки-ҽнаки рыла 1,4 -5, 3 нызқь мааҭ.
Асиа шьақәыргылоуп 2021 шықәса цәыббра 1- абҵара 30 рызтәи зыхә шәоу аҿаҵақәа рышьаҭала.
* Уахыки-ҽнаки рызтәи абжьаратә ныхрақәа.