Жьҭаара 7 азы Аӡҩыбжьа ауааԥсыра амш абжа лашарада иаанхоит

Ақыҭаҿ афымцалашара арцәара аҭыԥантәи астанциа маҷ аҿы имҩаԥырго аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыдҳәалоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Жьҭаара 7 асааҭ 10:00 - 16:00 азы Аӡҩыбжьа ақыҭаҿ алашара ырцәахоит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Ақыҭаҿ афымцалашара арцәара аҭыԥантәи астанциа маҷ аҿы имҩаԥырго аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыдҳәалоуп.
Аенергетикцәа аҭамзаара шьҭарҵоит аамҭалатәи ауадаҩрақәа рзы.