2021 шықәса жәымзтәи ашәахтәлагалараз аплан 119% иацҵаны инагӡоуп

2020 шықәса абри аамҭа иаҿырԥшны ашәахтәлагалақәа рдинамика 144%, ма 709 миллиони 600 нызқьмааҭ иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. 2021 шықәса аԥхьатәи ажәымз рзы Аԥсны абиуџьет иаланагалеит ашәахтә шәарақәа ҩ-миллиардки 336 миллиони 700 нызқь мааҭ, уи аан планла миллиардки 969 миллиони 300 нызқь мааҭ арбан. Аплан нагӡоуп 119% рыла ҳәа аанацҳауеит Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра асаит.
Алагаларатә динамикеи иарбаз аплани реивыгара 367 миллиони 400 нызқьмааҭ ҟалеит.
2021 шықәса жәымзтәи алагалақәа:
Аԥсны абиуџьет иаланагалаз ашәахтәқәа
Абиуџьет ахь иаланагалаз ашәахтәқәа цәыббрамза аҩнуҵҟаз 377 миллион мааҭ ыҟан, планла 329 миллиони 200 нызқь мааҭ ахьарбаз.