АҞӘА, жьҭаара 8 – Sputnik. Ахарантә аус зуа ма VPN сервисқәа зхы иазырхәо аутсорсингқәа аимадаразы Аҳәынҭеилакы аԥкра иаҵанакӡом, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аимадареи амассатә коммуникациақәеи ацифратә ҿиареи рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.
"Абри аганахь ала иарбанзаалак ԥкрак ыҟам. Уадаҩрақәак цәырҵыргьы иаарласны иҳаӡбалоит", - иҳәеит иара.
Аимадареи амассатә коммуникациақәеи ацифратә ҿиареи рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь уаанӡа иҳәахьан аԥкрақәа аинтернет ахархәареи VPN – (Virtual Private Network, авиртуалтә хатәы ҳа– аред.) аҵанакуеит ҳәа.
"Уаанӡа адоментә хьыӡқәеи IP-ҭыӡҭақәеи аҳаркит, ахархәаҩцәа VPN ахь ииасит. Уажәы урҭгьы аҳаркуеит. Амаининг аԥырҟәҟәара еиҳау аҩаӡарахь ҳнеиуеит", - иҳәеит иара.
Аԥкрақәа 2020 шықәса ԥхынҷкәын 28 инаркны 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа аус руан. Ахантәаҩы идҵа инақәыршәаны абонентцәа аинформациа-телекоммуникациатә ҳа аинтернет аҿы акриптовалиута арҳара алзыршо адоменнтә хьыӡқәа, асаит адаҟьақәа рырбагақәа, аҳатә ҭыӡҭақәа рхархәара рзыԥкуп.
Аимадара аоператорцәа ргәы рҽанҵоуп иахәҭоу атехникатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара алдыршарц.
Адҵа рыдкылоуп Аԥсны акриптовалиута арҳаразы аусура аҿҳәара 2022 шықәса хәажәкырамзанӡа аанкылараз 2021 шықәса хәажәкыра 30 азтәи Аминистрцәа реилазаара ақәҵара ашьаҭала.