Акоронавирус рзышьақәыргылоуп 158-ҩык Аԥсны ауааԥсыра

Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 28661-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 23616-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 421-ы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 575-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 158-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 42-ы, рҭагылазаашьа бааԥсуп быжьҩык, ибжьаратәуп - 32-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 42-ы, урҭ рахьтә жәаҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 11-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 23-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 97-ҩык апациентцәа, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>