Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Урыстәылаҟа дцеит

Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Москва иусутә еиԥыларақәа жьҭаара 2 азы иалагар акәын, аха цәыббра 30 азы аҭыԥ змаз ахҭыс инадҳәаланы дхынҳәит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит, абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп, Бжьаниеи Урыстәыла ахада иусбрҭа аҟныи Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыреи рыҟны аиԥыларақәа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва иусутә ныҟәара аанкыланы Аԥсныҟа дхынҳәит Аҟәа аԥшаҳәаҿы цәыббра 30 рзы иҟалаз аимак аҵыхәала.
Иара иарку аилацәажәара мҩаԥигеит. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар атәыла ахада диҳәеит ахҭыс аҭҵаара иахьынӡаҿу имаҵураҟынтә ихы дақәиҭитәырц. Бжьаниа ари идикылеит.
Аԥсны ахада уаанӡатәи иусутә ныҟәарыла Москва дыҟан ԥхынгәымзазы.