Гәдоуҭа араион аҿы ажь аҽаҩра абжа амшцәгьақәа ирхырҟьаны иԥхасҭахеит

Гәдоуҭа араион аҿы 200 гектар рҟынӡа аӡахәаҭрақәа ыҟоуп. Ииасыз ашықәс азы иҭаан 1800 тонна рҟынӡа ажь.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 8 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион аҿы сынтәатәи ажь аҽаҩра абжа амшцәгьақәа ирхырҟьаны иԥхасҭахеит, ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Иури Кәарацхьелиа.
"Иазԥхьагәаҭан 1500 тонна рҟынӡа ажьҽаҩра аҭагалара, аха амшцәгьақәа ирхырҟьаны иԥхасҭахаз рацәоуп. Аԥхын амра шын, ажьҟалара аламҭалаз қәоурахеит. Ажьыргәыцқәа тҟәацит. Ачымазарагьы шьҭнакааит. 70% рҟынӡа аҽаҩра бжьаӡит", - иҳәеит Кәарацхьелиа.
Урыстәыла аҩыҟаҵаҩцәа Реидгыла ажь ахә иацлар ҟалоит ҳәа рҳәоит
2020 шықәсазы анхацәа 1800 тонна ажь рҭаазар, сынтәа 1000 тоннакгьы изынаӡом, иара уигьы ахаҭабзиара ҳаракым.
Кәарацхьелиа игәаанагарала ари аҩыза ажь аҩ бзиагьы залҵуам, ауатка иазырхахоит.
"Ҳәарада аҩгьы ҭарҭәашт,  аха  имҷхоит ахаҭабзиарагь лаҟәуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Гәдоуҭа араион аҿы 200 гектар рҟынӡа аӡахәаҭрақәа ыҟоуп. Аиҳарак аӡахәаҭрақәа ақыҭақәа Дәрыԥшь, Лыхны, Аҷандара, Хәаԥ ауп иахьыҟоу.