Омбудсмен Аԥсны иҭаку рганахь ақәымчраз иҟоу ауадаҩрақәа дрылацәажәеит

Аԥсны ауаҩы изинқәа зыхьчо Асида Шьаҟрылԥҳа апресс-конференциа мҩаԥылгеит Аԥсуа телехәаԥшраҟны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 8– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ауаҩы изинқәа зыхьчо Асида Шьаҟрылԥҳа апресс-конференциаҟны Аԥсны иҭаку рганахь ақәымчраз иҟоу ауадаҩрақәа дрылацәажәеит.
"Иҳамоуп аусБ амилициа аусзуҩцәа арԥыс қәыԥш дахьырыпҟаз иахҟьаны аԥсихиатриатә хәшәтәырҭахь дышнанагаз, акыршықәса ахәшәтәырҭа дышҭоу атәы. Дарбанзаалак аӡәгьы аҭакԥхықәра идымлеит. Ҳара иҳамам алшара аргәаҟрақәа раԥырҟәҟәааразы, усеиԥш ҟаларгьы аӡәы аҭакԥхықәра иаҵаргыларазы", - ҳәа лҳәеит лара.
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Анзор Ҭарба иус азы Аԥсны ААР аусзуҩцәа зыриашоз аӡбамҭа аԥнахит
Ҿырԥштәны иаалгеит Анзор Ҭарба иус.
"Дшыргәаҟыз шьақәзырӷәӷәо аекспертизақәа ыҟазаргьы аӡәгьы акгьы изышьақәмыргылеит. Ари иаанаго ауадаҩра дуқәа ҳамоуп ауп. Абри аус азы аматериал ҳаҳәеит, анализ ҟаҳҵеит, иааҳарԥшит аилагарақәа рацәаны, иҟаҳҵаз алкаа апрокуратурахь инаҳашьҭит. Макьанагьы акгьы ахҳәаам", - ҳәа лҳәеит Шьаҟрылԥҳа.
Амчқәа зегь еидкылатәуп иҭаку рзинқәа рыхьчаразы лҳәоит омбудсмен. Лара иазгәалҭеит ашьаус аматериалқәа роурагьы шымариам.
"Амзызқәа рацәоуп. Урҭ рахь иаҵанакуеит зуыс ззымдыруа ауаа аҭыԥқәа нкыланы иахьыҟоугьы", - ҳәа лҳәеит лара.
Шьаҟрылԥҳа лажәақәа рыла Апрокуратура хадеи лареи русеицура алҵшәақәа маҷуп, омбудсмен лызҵаарақәа реиҳарак ҭакда иаанхоит.