Урыстәылатәи аруаа аԥырҩы дызҭам "аӷа"ихархәагақәа ҭадырхеит Аԥснытәи ашьхақәа рыҟны

Ихадоу аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит 25 азеиԥштә хысырҭақәа рҿи Урыстәыла аладатәи акалҭ 14 субиект рҿи, иара убасгьы Аԥсны, Ермантәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә округ аруаа аԥырҩы дызҭам "аӷа" ихархәагақәа ҭадырхеит, ҳәа аанацҳауеит арратә округ апресс-маҵзура.
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит Ҵабал ахысырҭатә дәаҿы. Аҳауаҽацәыхьчаратәи арадиоелектронтәи аҟәша аррамаҵзурауаа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ҭаԥшыхәны иҭадырхеит.
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит НАТОи иара аҩызцәа - Украинеи Қырҭтәылеи амшын аҟны имҩаԥырго аҽазыҟаҵарақәа рқәыԥшылараҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: