Аԥсны даҽа 119-ҩык акоронавирус рыдырбалеит

Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 28780-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 23813-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 421-ы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 9 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 392-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 119-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 52-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп ааҩык, ибжьаратәуп - 42-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 42-ы, урҭ рахьтә 12-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 28-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 97-ҩык апациентцәа, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>