Урыстәыла ААР аҟны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ршәарҭадара арӷәӷәара иалацәажәеит

Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа 54-тәи рраунд амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп жьҭаара 12-13, 2021 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 9 - Sputnik. Урыстәыла ААР ахада ихаҭыԥуаҩ Андреи Руденкои, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи иколлегацәеи иареи иазааҭгылеит ареспубликақәа ршәарҭадара арӷәӷәара азҵаара. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рзы аминистрра асаит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рыдыркылеит
Руденкои, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи, Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иабжьгаҩ Константин Кочиеви реиқәшәара мҩаԥган изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа 54-тәи рраунд аҽазыҟаҵарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Иазгәаҭоуп аганқәа шалацәажәаз ихадараны иҟоу азҵаара Қырҭтәыла амч ахамырхәараз адокумент анапаҵаҩра.
Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа 54-тәи рраунд азыԥхьагәаҭоуп 2021 шықәса жьҭаара 12-13 рзы.