Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рыдыркылеит

© Foto / министерство иностранных дел Республики Абхазия МИД Абхазии состоялась встреча заместителя министра иностранных дел Ираклия Тужба с сопредседателями Женевских дискуссий
МИД Абхазии состоялась встреча заместителя министра иностранных дел Ираклия Тужба с сопредседателями Женевских дискуссий - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2021
Анапаҵаҩра
Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа 54-тәи рраунд азԥхьагәаҭоуп 2021 шықәса жьҭаара 12-13 рзы.
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба дырԥылеит Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа ҳәа аанацҳауеит аминистрра асаит.
Дворец Нации. Женева.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2021
Аԥсны ААР изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлыҵшәақәа ирылацәажәеит
Аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа реилазаара иалахәын: Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар, ООН ахаҭарнак Џьихан Султаноглу, Аахыҵ Кавказ аҟны ОҨСЕ ахантәаҩ ихаҭарнак ҷыда Анника Седер.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба инаҵшьны иазгәеиҭеит аԥсуа ган азы ихадараны иҟоу азҵаара Қырҭтәыла амч ахамырхәараз адокумент анапаҵаҩра шакәу.
Иара иҳәеит аполитикатә зҵаарақәа жәпакы рҟны иарбанызаалак ԥхьацарак шыҟамгьы аԥсуа ган женеватәи аформат Аԥсны егьырҭ жәларбжьаратәи атәылақәа ираҟараны рпозициа атәы ахьаадырԥшуа ҭыԥны ишахәаԥшуа.
Ҭыжәба агәҭынчымра ааирԥшит Қырҭтәыла бџьарла аҽахьеиқәнаршәо азы. Иара жәларбжьаратәи абжьаҟазацәа ааԥхьара риҭеит ари апроблема азхьаԥшра арҭарц, иахәҭаны иҟоу ауснагӡатәқәагьы рыдыркыларц.
Аԥсуа ган аконструктивтә диалог иазыхиоуп агуманитартә ҟазшьа змоу азҵаарақәа рҟны ҳәа иҳәеит Ҭыжәба.
Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа ирҳәеит аҵак ду аманы ишахәаԥшуа аимакқәа раԥырҟәҟәаареи рызхьаԥшреи рзы Амеханизм аусура аиҭалагара.
Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа 54-тәи рраунд азыԥхьагәаҭоуп 2021 шықәса жьҭаара 12-13 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0