"Амш ацәгьахара аҽаназнакуа...": аԥсаатә рыла иаарԥшу жәлар разгәаҭарақәа

Аԥсаатә рыла иаарԥшу аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Sputnik
Аԥсуа бызшәа ажәар акырӡа иҭбаауп еиуеиԥшым аџьатә усура аазырԥшуа, абзазара, анхара-анҵыра, аԥстәы, аԥсаатә азырбо ажәақәа рыла. Аԥсуаа абнатә ԥстәқәа реиԥш, абнатә ԥсаатәқәагьы иреишәарыцоит. Аха араҟагьы ирықәныҟәоит ахатәы ԥҟарақәа, иаазықәшәалак ршьуам.
Ахьа рацәаны иҟалар, аҵыс ашәа аҳәашьалагьы, ма аԥсуаа асы анауа злардыруа
Абызшәадырҩы Ева Ҭаниа аԥсаа азырбо алексика иазку лусумҭаҿы иазгәалҭоит: "Ауаатәыҩса рҟазшьа аԥсаа рҟазшьақәа ирыдырҳәалоит, иҟоуп иҵоуроу: ача даҩызоуп, дыҟәрышӡа дыҟоуп рҳәоит злеишәа бзиоу, зышәагаа дуцәам, иҭынчу ирызкны; аҟармаҵыс абжьы ихоуп рҳәоит зашәаҳәабжь хаау, даҟәымҵында ҳәа уззыӡырҩуа; ашьха каԥкаԥ абжьы лхоуп; ажәҵыс еиԥш дҷырҷыруеит…" уҳәа реиԥш иҟоу аҟазшьақәа азырбо ажәақәа рацәоуп аԥсуа бызшәаҿы.
Ари инаҷыдангьы аԥсаа рхымҩаԥгашьа, рашәаҳәашьа, ианцәырҵуеи иахьцәырҵуеи аҭыԥқәа рыцклаԥшрала ажәлар идырҿиеит еиуеиԥшым азгәаҭарақәа. Урҭ азгәаҭарақәа аԥсабара ахаҭа аҽеиҭанакра, амш зеиԥшрахо иахьадҳәало адагьы, ауаҩы изы ацәгьа, ма абзиа иадырганы иҟоуп.
Иаҳҳәап, убас иҟоу иреиуоуп: ажәҵарақәа рыҭра аҩны абарҵаҿы иҟарҵар, ажәабжь бзиақәа ирызҳәоуп, абзиара иадыргоуп ҳәа аԥхьаӡара, уи аҭра арбгара ҵасым ҳәа иԥхьаӡоуп. Ари иаҿагылоу дыргоуп, иаҳҳәозар, аԥсуа жәлар разгәаҭара, аҩны уандәылҵуа какалк мкыкәа удәылҵыр ҟалаӡом ҳәа, избанзар аԥсаа уаҟаҭәар ҟалоит (иаҳҳәап: акәыкәу, амлаӷәыр). Ауаҩы изы иҽеим ҳәа иԥхьаӡоуп акьут, атыҩарҩар аҩны ааигәара ианҿырҭуа.
Ара иааҳгоит аԥсаа ирыдҳәалоу аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа аԥсуа жәлар рҿаԥыц ҳәамҭақәа рҟынтәи: