Шәача аԥсыҭбара зцыз амҩатә машәыр ҟалеит

Ҩыџьа ауаа ахәрақәа роуит, аӡәы дҭахеит Адлер иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Амҩаԥгаҩ Ксениа Собчак дзықәтәаз амашьына амҩатә машәыр иақәшәеит, уи иахҟьаны лыԥсҭазаара далҵит 35 шықәса зхыҵуаз аԥхәыс, аанацҳауеит RT.
Амашәыр ҟалеит жьҭаара 9 рзы Адлернтәи Гәыбаадәы ицо амҩан, абри атәы азгәаҭоуп ДТП и ЧП Сочи Instagram адаҟьаҟны.
Амҩатә машәыр иахҟьаны лыԥсҭазаара далҵит Volkswagen иҭатәаз 35 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс, аԥсҟы зкыз ахаҵеи даҽа ԥҳәыски аахақәа роуит, ахәшәтәырҭахь инагоуп.
Ашьаус хацыркуп.