Собчак дызлахәыз аԥсыҭбара зцыз амҩатә машәыр ахҳәаа алҭеит

Амҩатә машәыр ҟалеит жьҭаара 9 рзы, Шәача. Амҩаԥгаҩ дызҭатәаз амашьынеи Мерседес-и Volkswagen-и ааихеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Амҩаԥгаҩ Ксениа Собчак ишьақәлырӷәӷәеит Шәача амҩатә машәыр дшақәшәаз, абри атәы лыҩуеит Telegram лканал аҿы.
Шәача аԥсыҭбара зцыз амҩатә машәыр ҟалеит
"Аҩны сыҟоуп уажәы, аахақәа соуит. Ауаа ахьҭахаз сгәы иалоуп, рыуа-рҭахы ҳаҽрымаҳдоит хымԥада", - лҳәеит Собчак.
Собчак лажәақәа рыла, амашәыр иақәшәаз лхатә машьына акәӡам, аԥсҟы зкыз дыццакырц иалымҳәеит. Авариа аныҟалоз аамҭазы лара Zoom ала дцәажәон.
Собчак илҳәеит амашьына лас иаԥхьаз лдиректор шиакәу, иара ааха зауз рыцхыраа дшазыхиаз.
Амҩатә машәыр ҟалеит жьҭаара 9 рзы Адлери Гәыбаадәыи еимаздо амҩан, уи иахҟьаны лыԥсҭазаара далҵит Volkswagen иҭатәаз 35 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс, уи лҩыза 29 шықәса зхыҵуаз аӡӷаб илоуз ахәрақәа ирыхҟьаны ахәшәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит.