АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 577-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 152-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Ҩымш рыла Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит хҩык апациентцәа: 73 шықәса зхыҵуаз ҩыџьа ахацәеи, 74 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы иԥсҭазаара далҵит 1949 шықәса рзы ииз ахаҵа.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 70-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 12-ҩык, ибжьаратәуп - 47-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 44-ҩык, урҭ рахьтә жәаҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 13-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 35-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 14-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 97-ҩык апациентцәа, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>