Аԥсны АҶА ахада Урыстәылазегьтәи аиқәырхаҩцәа рконференциа далахәуп

Аконференциахь иааит 250-ҩык рҟынӡа Урыстәыла иҟоу амашәыр-еиқәырхаратә маҵзурақәеи аиҿкаарақәеи рнапхгаҩцәеи ркомандирцәеи.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Аԥсны АҶА аминистр, аинрал-леитенант Лев Кәыҵниа зхадараҿы дыҟоу аделегациа Урыстәылазегьтәи аиқәырхаҩцәа рконференциа иалахәуп. Аконференциа мҩаԥысуеит Ҟрымтәи ақалақь Судаке жьҭаара 11 - 13 рзы, ҳәа аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.
Аконференциа еиҿнакааит Урыстәылазегьтәи ауаажәларратә еиҿкаара "Российский союз спасателей". Аконференциахь иааит 250-ҩык рҟынӡа Урыстәыла иҟоу амашәыр-еиқәырхаратә маҵзурақәеи аиҿкаарақәеи рнапхгаҩцәеи ркомандирцәеи, иара убасгьы "РОССОЮЗСПАСа" арегионалтә ҟәшақәа рнапхгаҩцәа.
Апленартә еилатәарақәа рҿы иазыԥхьагәаҭоуп аиқәырхаҩцәа рзанааҭтә усура азҵаарақәа рылацәажәара.