Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аԥҵоужьҭеи 29 шықәса ҵит

Иахьатәи аамҭазгьы иӷәӷәоу ар ауп ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарреи амилаҭи еиқәзырхо, изыхьчо.
Sputnik
Наала Гәымԥҳа, Sputnik
1992 шықәса жьҭаара 11, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раҧҵаразы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит. Ари арыцхә официалла Аҧсны Арбџьармчқәа рымш ҳәа иҧхьаӡоуп —Аҧсны ар аира иамшуп.
Аибашьра адаҟьақәа: Аԥсны арбџьармчқәа шаԥҵахаз аҭоурых
Аҧсны Арбџьармчқәа Аҧсны Атәылахьчара Аминистрра иаҵанакуеит, ишьақәгылоуп ашьаҟауаа рыр, арра-ҳауатә, арра-мшынтә мчқәа рыла. Аҧсны Арбџьармчқәа амҩа хьанҭа ианысит – иара иахьчоит иагьалнаршоит ихьыҧшым ҳҳәынҭқарра аилымшәара. Аԥсны Арбџьармчқәа анаԥырҵаз, ирыдыркылеит раԥхьатәи ақәҵарақәа хԥа: Аԥсны Арбџьармчқәа; Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара Аминистрра; Аԥсны Атәылахьчара Аминистрра Агенералтә штаб.
Атәылахьчара аминистрра анеиҿыркаа аминистрс дҟаҵан Владимир Аршба, аштаб Хада аиҳабыс – Султан Сосналиев.
Арадио
Нанба еиҭеиҳәеит Аԥсны арбџьармчқәа раԥҵараан - арратә леишәа зеиԥшраз
"Аибашьра ианалага раԥхьатәи амца заахаз иара уи хазы игоу аполк алахәылацәа роуп. Ҳәара аҭахума, уи иалаз ауаа аибашьра ишахәҭоу иазыҟаҵаӡамызт аҟнытә, ишнеиуаз уи амчқәа мацара азымхо иалагеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба.
Арбџьармчқәа рыҩнуҵҟа х-хырхарҭак ыҟан: аршьаҟауаа, амшын аруаа, аҳаиртә арбџьармчқәа. Аслан Аҩӡба ишиҳәо ала, кыр зҵазкуа аҭыԥ ааныркылон аӷа иҳаиртә еибашьыгақәа ирҿагыло амч, артиллериа, аԥшыхәра, аконтрԥшыхәра уҳәа ирацәаны.
Иахьатәи аамҭазгьы иӷәӷәоу ар ауп ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарреи амилаҭи еиқәзырхо, изыхьчо.