Бжьаниеи Хуснуллини Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит жьҭаара 8 азы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Марат Хуснуллин диԥылеит, ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аганқәа 2022-2025 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәеи аицусуреи ирылацәажәеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Марат Хуснуллин реиԥылара
Аиԥылара иалахәын Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Валери Папба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.