Археологцәа Израиль иаадырԥшит зықәра 1,5 нызқь шықәса иҟоу аҩцара

Израильтәи ақалақь Иавне аҿы археологиатә жрақәа анымҩаԥысуаз иаадырԥшит зықәра 1,5 нызқь шықәса иҟоу аҩцара.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. Израильтәи археологцәа ақалақь Иавне аҿы иаадырԥшит Византиатәи аамҭа иаҵанакуа шықәсык иалагӡаны ҩ-миллион литра аҩы ахьыҟарҵоз аҩцара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Ааглыхратә комплекс ргылан усҟантәи аамҭа иақәшәо атехнологиақәа рыла. Ара иҟоуп ажь ахәарҭақәа хәба, 225 метр ԥшьыркца иҟоу, аҩыҵәахырҭақәа, анышәаԥшь иалху аирыӡқәа рзы амцеиқәҵарҭақәа. Анаплакы ахыбрақәа рҿы анеиааирҭақәа ирызхәыцны еиҿкаауп.
Израиль ажәытәрақәа Русбарҭа аусзуҩцәа Израильтәи ақалақь Иавне аҿы археологиатә жрақәа анымҩаԥысуаз иаадырԥшит аҩцара, зықәра 1,5 нызқь шықәса иҟоу жьҭаара 11 2021 шықәсазы. Израильтәи археологцәа ирҳәеит ара иҟоуп ажь ахәарҭақәа хәба, 225 метр ԥшьыркца иҟоу, аҩыҵәахырҭақәа, анышәаԥшь иалху аирыӡқәа рзы амцеиқәҵарҭақәа ҳәа.
"Даара оумашәа иаабеит ара аҩыҟаҵарҭеи аҩцареи ахьаабаз. Иҟоу ала иубартә иҟоуп ара ҩ-миллион литра рҟынӡа аҩы шҭарҭәоз", - рҳәоит ажрақәа рнапхгаҩы, адоктор Ели Хаддад Лиат Надав-Зив, адоктор Ион Селигман.
Иавне аҿы археологиатә жрақәа анымҩаԥысуаз иаадырԥшыз аҩцара, ақәра 1,5 нызқь шықәса иҟоуп..
Иаарԥшу агәаанагара унаҭоит Иавне дунеитә ҩыҟаҵарҭатә центрны иҟан ҳәа.
Ақалақь аиҳабыра иазыԥхьагәарҭоит ари аҭыԥ аҿы археологиатә парк аартра, атуристцәа раҭааразы.