https://sputnik-abkhazia.info/20211012/Arkheologtsa-Izrail-iaadyrshit-atsara-zyra-15-nyz-shysa-iou-1033394699.html
Археологцәа Израиль иаадырԥшит зықәра 1,5 нызқь шықәса иҟоу аҩцара
Археологцәа Израиль иаадырԥшит зықәра 1,5 нызқь шықәса иҟоу аҩцара
Sputnik Аҧсны
Израильтәи ақалақь Иавне аҿы археологиатә жрақәа анымҩаԥысуаз иаадырԥшит зықәра 1,5 нызқь шықәса иҟоу аҩцара. 12.10.2021, Sputnik Аҧсны
2021-10-12T11:30+0300
2021-10-12T11:30+0300
2021-10-12T13:31+0300
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/0b/1033394504_0:161:3071:1888_1920x0_80_0_0_13eff816e11d648b9ae632faa4457ecd.jpg
АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. Израильтәи археологцәа ақалақь Иавне аҿы иаадырԥшит Византиатәи аамҭа иаҵанакуа шықәсык иалагӡаны ҩ-миллион литра аҩы ахьыҟарҵоз аҩцара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.Ааглыхратә комплекс ргылан усҟантәи аамҭа иақәшәо атехнологиақәа рыла. Ара иҟоуп ажь ахәарҭақәа хәба, 225 метр ԥшьыркца иҟоу, аҩыҵәахырҭақәа, анышәаԥшь иалху аирыӡқәа рзы амцеиқәҵарҭақәа. Анаплакы ахыбрақәа рҿы анеиааирҭақәа ирызхәыцны еиҿкаауп."Даара оумашәа иаабеит ара аҩыҟаҵарҭеи аҩцареи ахьаабаз. Иҟоу ала иубартә иҟоуп ара ҩ-миллион литра рҟынӡа аҩы шҭарҭәоз", - рҳәоит ажрақәа рнапхгаҩы, адоктор Ели Хаддад Лиат Надав-Зив, адоктор Ион Селигман.Иавне аҿы археологиатә жрақәа анымҩаԥысуаз иаадырԥшыз аҩцара, ақәра 1,5 нызқь шықәса иҟоуп..Иаарԥшу агәаанагара унаҭоит Иавне дунеитә ҩыҟаҵарҭатә центрны иҟан ҳәа.Ақалақь аиҳабыра иазыԥхьагәарҭоит ари аҭыԥ аҿы археологиатә парк аартра, атуристцәа раҭааразы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/0b/1033394504_169:0:2900:2048_1920x0_80_0_0_385879393829e977068c6ed82700f8bb.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Археологцәа Израиль иаадырԥшит зықәра 1,5 нызқь шықәса иҟоу аҩцара
11:30 12.10.2021 (ирҿыцуп: 13:31 12.10.2021) Израильтәи ақалақь Иавне аҿы археологиатә жрақәа анымҩаԥысуаз иаадырԥшит зықәра 1,5 нызқь шықәса иҟоу аҩцара.
АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. Израильтәи археологцәа ақалақь Иавне аҿы иаадырԥшит Византиатәи аамҭа иаҵанакуа шықәсык иалагӡаны ҩ-миллион литра аҩы ахьыҟарҵоз аҩцара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Ааглыхратә комплекс ргылан усҟантәи аамҭа иақәшәо атехнологиақәа рыла. Ара иҟоуп ажь ахәарҭақәа хәба, 225 метр ԥшьыркца иҟоу, аҩыҵәахырҭақәа, анышәаԥшь иалху аирыӡқәа рзы амцеиқәҵарҭақәа. Анаплакы ахыбрақәа рҿы анеиааирҭақәа ирызхәыцны еиҿкаауп.
"Даара оумашәа иаабеит ара аҩыҟаҵарҭеи аҩцареи ахьаабаз. Иҟоу ала иубартә иҟоуп ара ҩ-миллион литра рҟынӡа аҩы шҭарҭәоз", - рҳәоит ажрақәа рнапхгаҩы, адоктор Ели Хаддад Лиат Надав-Зив, адоктор Ион Селигман.
Иавне аҿы археологиатә жрақәа анымҩаԥысуаз иаадырԥшыз аҩцара, ақәра 1,5 нызқь шықәса иҟоуп..
Иаарԥшу агәаанагара унаҭоит Иавне дунеитә ҩыҟаҵарҭатә центрны иҟан ҳәа.
Ақалақь аиҳабыра иазыԥхьагәарҭоит ари аҭыԥ аҿы археологиатә парк аартра, атуристцәа раҭааразы.