Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аиҳабы даҭоуп

Аԥсны акультура аминистр Гәыдиса Агрба атеатр аколлектив дыдирдырит анапхгаҩы ҿыц аҩаша жьҭаара 12 аҽны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аиҳабыс даҭоуп Алхас Ҷолокәуа.
Акультура аминистр иҳәеит анапхгаҩы ҿыц аҭакԥхықәра ду шиду, иӡбатәу азҵаарақәа рацәаны иҿаԥхьа ишықәгылоу. Агрба агәыӷра ааирԥшит аусураҿы аилыибакаара ҟалап ҳәа.
"Аҟазаратә коллектив аус рыцура ҷыдала иаҭахәуп, уи аҟны аҳәара ҟасҵоитҭакԥхықәрала шәазнеирц. Атехникеи аиҿкаареи ирызку азҵаарақәа рацәоуп. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны еиҿкааны ишьақәырӷәӷәатәуп асахьаркыратә хеилак", - иҳәеит Агрба.
Алхас Ҷолокәуа иҭабуп ахыиҳәааит ирҭаз агәрагаразы, иазгәеиҭеит Аԥсуа драматә театр амилаҭтә культура аҟазацәа дуқәа напхгара шарҭоз, уи иара аҭакԥхықәра еиҳагьы ишиднаҵо.
Адиректор хада Нодар Ҷанба инапынҵақәа анаанижь абҵара 10 2020 шықәса инаркны аԥсуа драматә театр напхгарада иҟан. Аспектакльқәа мҩаԥысуамызт.
Алхас Ҷолокәуа 45 шықәса ихыҵуеит, далгеит ААУ ажурналистика аҟәша, уи ашьҭахь иҵара иациҵеит Москватәи аҳәынҭқарратә университет аҟны.
2005 шықәса инаркны 2011 шықәсанӡа Аԥсны ахада иҿы иҟоу аинформациатә хархәагақәа рымадаразы аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан.
2011 инаркны 2014 шықәсанӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аиҳабыс дыҟан. Уи ашьҭахь аус иуан "А-Мобаил" аҟны. Лаҵарамза 2020 шықәса инаркны Аԥсны ахада иҿы иҟоу аинформациатә хархәагақәа рымадаразы аусбарҭа аиҳабыс дыҟан.