Telegram ала анаркотикқәа рылазырҵәоз аԥҳәыс даанкылоуп

Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс агәаҭара лахыжьраан илыдырбалеит амаҭәашьар метадон 79,16 грамм зыкапан ыҟаз.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс Лариса Копева, 1980 шықәсазы ииз, Аҟәа АШәМи Аԥсны ААР анаркотикеикәыршара ахылаԥшраз аусбарҭеи русзуҩцәа дааныркылеит, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АШәМ асаит.
Аԥҳәыс анаркотикатә маҭәашьарқәа лҭиуан Аԥсны аҵакыраҿы. Лгәаҭараан илыдбалан 128 метадон еилаҳәара.
Копева урҭ амессенџьер Telegram ахархәарала рыларҵәара лгәы иҭан.
Аԥсны ААР аексперт-криминалистикатә центр ишьақәнарӷәӷәоит аилаҳәарақәа ирылаԥсаз амаҭәашьар метадон шакәыз.
Иаанкылоу лганахь ала аоператив-усҭҵааратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит.