АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Зыхьӡ зымҳәаз аӡәы Аҟәа, "Гарант-банк" ахыбра артҟәацга аҵоуп ҳәа аҭел дасит жьҭаара 13 рзы. Абри атәы Sputnik иазаарыцҳаит Аԥсны АҶА апресс-маҵзураҿы.
Sputnik акорреспондент ишеиликааз ала, АҶА аусзуҩцәа ргәыԥ абанк ахыбрахь иҩналараны иҟоуп, артҟәацга аҵоуп ҳәа иҟаҵаз аинформациа ашьақәырӷәӷәаразы.
Аҟәа, "Гарант-банк" ахыбра иакәшаны игылоуп азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа, АҶА амцарцәаратә машьынеи Ацхыраара ласы амашьынеи уахь инеины иҟоуп.