Аԥсны акоронавирус рыдырбалеит даҽа 158-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа

Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 29325-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 24207-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 430-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 521-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 158-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 84 шықәса зхыҵуа хаҵак. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы лыԥсҭазаара далҵит 1963 шықәса рзы ииз аԥҳәыс.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 85-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 28-ҩык, ибжьаратәуп - 50-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 43-ҩык, урҭ рахьтә жәаҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 19-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 34-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 13-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 94-ҩык апациентцәа, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.