Бжьаниа Москва "Газпром промгази" "Газпроми" рхаҭарнакцәа дырԥылеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа жьҭаара 8 раахыс Москва дыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Аслан Бжьаниа иусутә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Москва дырԥылеит "Газпром промгази" "Газпроми" рхаҭарнакцәа ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аиԥылараҿы ирылацәажәан Аԥсны газла аиқәыршәаразы атехникатә ҟазшьа змоу азҵаарақәа.

Аганқәа иара убасгьы ирылацәажәеит Асхема хада аус адулашьа шцо.
Бжьаниеи Хуснуллини Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит
Аслан Бжьаниа Москваҟа иныҟәара жьҭаара 2 рзы иалагараны иҟан, аха Аҟәа цәыббра 30 азы аҭыԥ змаз ахҭыс иахырҟьаны Аҟәаҟа дхынҳәит.