"Гарант-банк" аусзуҩцәеи ахыбраҿ инхо ауааԥсыреи рҭыԥқәа ирхыгоуп

Аҟәа, "Гарант-банк" ахыбра иакәшаны игылоуп азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа, АҶА амцарцәаратә машьынеи Ацхыраара ласы амашьынеи уахь инеины иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. "Гарант-банк" аусзуҩцәеи ахыбраҿ инхо х-ҭаацәараки дәылгоуп ҳәа ааицҳауеит ҳкорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.
Уи адагьы арахьынтә иқәгоуп абанк акәша-мыкәша игылоу автомашьынақәа. Абри атәы аарыцҳаит уа иҷаԥшьо азинхьчаратә усбарҭақәа русуҩцәа.
АҶА: Аҟәа абанк артҟәацга аҵоуп ҳәа аӡәы адырра ҟаиҵеит
"Гарант-банк" ахь инеит Аԥсны ААР аҵаратә Центр акинологцәа. Урҭ ахыбра аҩнуҵҟа иҩналоит.
Зыхьӡ зымҳәаз ауаҩы Аҟәа, "Гарант-банк" ахыбра арҭҟәацга аҵоуп ҳәа аҭел дасит жьҭаара 13 азы.
Sputnik акорреспондент ишеиликааз ала АҶА аусзуҩцәа ргәыԥ абанк ахыбрахь иҩналараны иҟоу, амина аҵоуп ҳәа иҟаҵаз аинформациа ашьақәырӷәӷәаразы.
Аҟәа, "Гарант-банк" ахыбра иакәшаны игылоуп азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа, АҶА амцарцәаратә машьынеи Ацхыраара ласы амашьынеи уахь инеины иҟоуп.