АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. "Гарант-банк" егьырҭ афилиалқәагьы гәарҭараны иҟоуп абанк артҟәацга аҵоуп ҳәа иҟаҵаз адырра ашьҭахь. Абри атәы аарыцҳауеит Аԥсны ААР аҿынтә.
Аусбарҭаҿы ирҳәеит аноним иарбан хыброу артҟәацга зҵоу ҳәа иалкааны ишимҳәаз.
Игәарҭараны иҟоуп Аҟәатәи афилиалқәа хԥа, Очамчыреи Гагреи иҟоу афилиалқәа.
Аԥсны ААР арҵаратә Центр акинологцәеи Аԥсны АШәМ асапиорцәеи "Гарант-банк" аофис хадаҿы шәарҭара рымбеит ҳәа иҳәеит Аԥсны ААР аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Чкадуа.
"Аинформациа мцхеит. Уажәы игәарҭараны иҟоуп Аҟәатәи афилиалқәа хԥа, Очамчыреи Гагреи иҟоу афилиалқәа. Аусҭҵаара мҩаԥысуеит иҟаҵаз адырра аганахь ала", - ҳәа иҳәеит иара.
Аҟәатәи абанк "Гарант-банк" ахыбра арҭҟәацга аҵоуп ҳәа адырра ҟаҵан идырым ахаҿы иҟынтәи жьҭаара 13 азы.
Аҟәа, "Гарант-банк" ахыбра иакәшаны игылоуп азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа, АҶА амцарцәаратә машьынеи Ацхыраара ласы амашьынеи уахь инеины иҟоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны АҶА аиҳабы "Гарант-банк" ахыбра аҿаԥхьа днеит