АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 648-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 171-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 91-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 38-ҩык, ибжьаратәуп - 46-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 41-ы, урҭ рахьтә 12-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 19-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 32-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 13-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 95-ҩык апациентцәа, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.